• Язык:
    Абхазский (Аҧсшәа)
Материалы по теме:

Ауарбажә

Иаҳа-иаҳа ауарбажә аҩада еихон,
Амч аҳратәрахь, аеҵәақәа ргәашәахь!
Иҧагьаз аҧыррагь блахкыганы иаанхон,
Ҳаракырак уи амҵәыжәҩа цәхаҧшьқәа ҧнашәон.

Иабаҟаз анкьа? Аҳәынҭқар иаҳҭынраҿы,
Издыруада, аихацқәа ирҭакызтгьы?
Уи кьиуан, дгәаҭан ӡҭабк амӡырхаҿы,
Апринц қәыҧш иакәын лгәаҳәара зызкызгьы.

Издыруада, џьныш-ҭьшракар џьара,
Уи абла ҭраа ианкылыҧшуаз аҿышәҭа,
Аҳаракыра ихнахзазар иара?
Аҧсаатә агәгьы мрахазар уи ашәымҭаз?

Шьҭа зегь акоуп... Хәыҷы-хәыҷла иаатуан,
Уи маӡа-аргама ихызххьаз аиашьылра.
Ауарбажә хаха-хымыш иҧыруан,
Аҧсгьы ахыҵт, иазхымгакәа ахақәиҭра.

Аҧсы анахыҵ, иҭамлеит икакәкәа,
Аҽанаҭеит уи ҭынч планета-еикәшарак.
Иҿарҳасуан тымитышакгьы ҵаҟа,
Аха иҧсьгехон адгьыл амч-алшара.

Шәахәала ирысын ажәоан еилыхха,
Иаатуан аҧсаатә аҿаҧхьа жәҩангәашәҧхьара.
Ицон ишцац уи иаҭәамшьа аҧсра,
Еҵәаџьаа ирылсуан, иамбаӡо лашарак.

Акырынтә иҭагәҭасхьан адунеи,
Аҧааимбарцәа рылаҧшгьы ахын уа,
Гьангьашреи хынҭа-ҩынҭареи ирцәынхеит
Ауарбажә ҧагьа аҧсыжырҭа хазына.


Перевод стихотворения Николая Гумилёва «Орёл» на абхазский язык.

Орёл

Орёл летел все выше и вперед
К Престолу Сил сквозь звездные преддверья,
И был прекрасен царственный полет,
И лоснились коричневые перья.

Где жил он прежде? Может быть в плену,
В оковах королевского зверинца,
Кричал, встречая девушку-весну,
Влюбленную в задумчивого принца.

Иль, может быть, в берлоге колдуна,
Когда глядел он в узкое оконце,
Его зачаровала вышина
И властно превратила сердце в солнце.

Не все ль равно?! Играя и маня,
Лазурное вскрывалось совершенство,
И он летел три ночи и три дня
И умер, задохнувшись от блаженства.

Он умер, да! Но он не мог упасть,
Войдя в круги планетного движенья.
Бездонная внизу зияла пасть,
Но были слабы силы притяженья.

Лучами был пронизан небосвод,
Божественно-холодными лучами,
Не зная тленья, он летел вперед,
Смотрел на звезды мертвыми очами.

Не раз в бездонность рушились миры,
Не раз труба архангела трубила,
Но не была добычей для игры
Его великолепная могила.


Другие переводы:

  • Испанский
    Луис Гомес де Аранда, Елена Курченко
    Águila
  • Китайский
    Чжэншуо Чжан
  • Словацкий
    Ян Квапил
    Orol

Материалы по теме:

🗣 Голоса